АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Шәача ақ. аҟны Аҧсни Урыстәылеи рбаҕәазақәа рыбжьара акруизтә еимадара иазку аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп

15 February 2019

Жәабранмза 14, 15 рзы Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Урыстәылатәи аинвестициатә форум аусура далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа дацны.

Аекономика аминистрра 2018 шықәсазы имҩаҧнагаз аусуразы аҳасабырба

1 February 2019

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра 2018 шықәсазы имҩаҧнагаз аусуразы аҳасабырба ҟанаҵеит.

Аекономика аминистр Ашəарҭадара Ахеилак аилатәара далахәын

31 January 2019

Ажьырныҳәамза 31 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҩныҵҟатəии адəныҟатəии аполитика рызҵаатəқəа ирызкыз Аҳәынҭқарратә шəарҭадара амаҵзура аилатәара мҩаҧигеит.

Адгәыр Арӡынба аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит

11 January 2019

Ажьырныҳәамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба араионқәа зегьы аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аекономика аминистрра XXV шықәса ахыҵит

12 December 2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра 25 шықәса ахыҵит.

Аекономика аминистрра аҭҵаарадырра-практикатә конференциа мҩаҧнагеит

12 December 2018

Ҧхынҷкәынмза 12 рзы Аҟәа имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра 25 шықәса ахыҵра иазкыз аҭҵаарадырра-практикатә конференциа.

Аекономика аминистрраҟны Аҟәа акруизтә ҕба «Книазь Владимир» аҭалара азҵаара иалацәажәеит

6 December 2018

Ҧхынҷкәынмаза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба «Амшынеиқәатәи аныҟәара» аилахәыреи АҲӘИА «Урысмшынбаҕәазеи» рхаҭарнакцәа идикылеит.

Адгәыр Арӡынба КЖӘРР Ахәаахәҭратә Палата Ахада дидикылеит

28 November 2018

Абҵарамза 28  рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика Аминистр Адгәыр Кореиатәи Жәлар Рдемократиатә Република Ахәаахәҭратә Палата Ахада Риу Хен Чхор дидикылеит.

Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ иҧылара

22 November 2018

Абҵарамза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит Аминистр Ихаҭыҧуаҩ Ҭарба Баҭали  Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддади реиҧылара.

Гагра араион аҟны ааглыхра ҿыц аусура иалагеит

19 November 2018

Абҵарамза 19 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Заур Гәлиа Гагра араион Бзыҧҭа аҳаблаҟны ахықәкы рацәа змоу ааглыхра-хәаахәҭратә комплекс ЗҲӘА «Зодиак» официалла аартра далахәын.

Крым аделегациа иалахәыз Аҧсны ааглыхратә наплакқәа ирҭааит

16 November 2018

Абҵарамза 16 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарбеи Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа Адиректор Инар Гицбеи Ареспублика Крым ахаҭарнакцәа иддырбеит аихьӡарақәа змоу Аҧсны ааглыхратә наплакқәа.

Адгәыр Арӡынба Крым ахаҭарнакцәа злахәыз аиҧылараҟны аусеицура аҧеиҧш далацәажәеит

15 November 2018

Абҵарамза 15 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба  идикылеит Ареспублика Крым Ааглыхратә политика аминистр ихаҭыҧуаҩ Иан Латышиови Ареспублика Крым аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Светлана Сиротеи алархәны.

Аекономика аминистрраҟны Италиантәи аделегациа рыдыркылеит

9 November 2018

Абҵарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит Италиа анаплакҩцәа рҧылара. Аделегациа Аҧсныҟа иааит ареспублика аинвестициатә лшара аҭҵааразы.

Аҳазашәара иаҵанамкуа 2019 шықәсазтәи анефтаалыҵқәа рымҽхак азы аиқәшаҳаҭра алыршоуп

17 October 2018

Жьҭаарамза 17 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамч аминистр ихаҭыҧуаҩ Павел Сорокини Москва абылтәы-фымцамчтә усхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа Аҧсни Урыстәылеи 10-шықәсалатәи русеицура аихшьала ҟаҵоуп

12 October 2018

2018 шықәса жьҭаарамза 12 рзы Аҧсны Аекономика аминистрреи Урыстәыла Аекономика аҿиара аминистрреи раҧшьгарала Аҟәа иҟоу Урысконгресс Афонд иҟанаҵаз адгыларала имҩаҧысит ҩ-тәылак рыбжьара ахәаахәҭра-економикатәи акультуратәи еимадарақәа рырҿиара иазку Ажәбатәи аҧсны-урыстәылатәи аустә форум.

Адгәыр Арӡынбеи Игор Кошини рыпресс-брифинг

12 October 2018

Жьҭаарамза 12 рзы Ажәбатәи аҧсны-урыстәылатәи аустә форум апленартә еилатәара аихшьалақәа рыла имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминситр Адгәыр Ардзынбеи Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы УА Аминистр ихаҭыҧуаҩ Игор Кошини рыпресс-брифинг.

Ирылаҳәоуп анаплакҩцәа реицлабраҟны аиааира згаз

12 October 2018

Жьҭаарамза 12 рзы Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаа иҭагӡаны ирылаҳәоуп   анаплакҩцәа русураҟны Есышықәсатәи Амилаҭтә еицлабра.

Аекономика аминистр Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҟны дықәгылеит

12 October 2018

Жьҭаарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра  Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ажәахә ҟаиҵеит Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум Апленартә еилатәараҟны.

Аҧсни, Шәачеи, Крыми акруизтә ныҟәарала еимадахар ҟалоит

6 October 2018

Жьҭаарамза 6 рзы алаинер «Аҳ Владимир» ачарҭ аҟны Шәача имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытиә аделегациеи Шәача ақалақь Администрациеи, АУ «ШӘАЧА АМШЫНБАҔӘАЗА», аилахәыра  и компании «Амшынеиқәатәи акруизқәеи» рхаҭарнакцәа реиҧылара.