АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Шәача ақ. аҟны Аҧсни Урыстәылеи рбаҕәазақәа рыбжьара акруизтә еимадара иазку аиқәшаҳаҭра иаҵаҩуп

15 February 2019

Жәабранмза 14, 15 рзы Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Урыстәылатәи аинвестициатә форум аусура далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа дацны.

Афорум аҳәаа иҭагӡаны Аҧсны Аекономика аминистр далахәын апленартә еилатәара «Аихьӡара афакторқәа: аидеиақәа, акадрқәа, акомпетенциақәа». Аилатәараҟны дықәгылеит Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Ахантәаҩы Дмитри Медведев.

Иара убас Адгәыр Арӡынба далахәын аҳәынҭеилахәыра «Аҧснытәи амшынтә ҕбаныҟәареи» ЗҲӘА «Амшынеиқәатәи акруизқәеи» рыбжьара аиқәшаҳаҭра аҵаҩра ацеремониа. Уи мҩаҧысит жәабранмза 15 рзы. Иара хықәкыс иамоуп 2020 шықәсазы Аҧсни Урыстәылеи рымшынтә баҕәазақәа рыкруизтә еимадарақәа реиҿкаара.

Адокумент инапы аҵарҩит «Аҧснытәи амшынтә ҕбаныҟәара» адиректор хада Даур Арӡынбеи ЗҲӘА «Амшынеиқәатәи акруизқәа» адиректор хада Виктор Глуховшьенкои.

Аҧсны Аекономика аминистр иазгәеиҭеит аиқәшаҳаҭра ишаҵаҩу Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы реиҧылараан иалыршаз аицәажәара анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Аҧсны аделегациа напхгара аиҭон Аҧыза-министр, Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба. Аделегациа аилазаараҟны иара убас иҟан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩцәа Баҭал Ҭарбеи Заур Гәулиеи, Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа адиректор Инар Гыцба, «Аҧснытәи амшынтә ҕбаныҟәара» адиректор хада Даур Арӡынба.


LRG_DSC03320.JPG