АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аекономика аминистрра XXV шықәса ахыҵит

12 December 2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра 25 шықәса ахыҵит.

1993 шықәса ҧхынҷкәынмза 12 рзы Аҧсны Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы Владислав Арӡынба инапы аҵаиҩит «Аҧсны аҳәынҭқарратә плантә напхгара аусбарҭақәа реилазааразы» Аҧсны Аҳәынҭқарра Азакәан. Абри Азакәан ала иаҧҵан иаҧыхыз Аҳәынҭқарратә плантә еилакы шьаҭас иаҭаны Аекономика аминистрра.

25 шықәса рыҩныҵҟала Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра напхгара арҭон Даур Барганџьиа (1993 ш. ҧхынҷкәынмза 12 - 1995ш. жәабранмза 3), Константин Ҭыжәба ( 1995 ш. жәабранмза 3-1997ш. лаҵарамза 7; 2003ш. лаҵарамза 8 -2005ш. жәабранмза 25), Константин Озган ( 1997ш. лаҵарамза 7- 1998 мшаҧымза 17), Беслан Кәыбраа (1998 ш. мшаҧымза 1999 ш. мшаҧымза 16-17; 2002 ш. лаҵарамза 25 -2002ш. ҧхынҷкәынмза 9), Адгәыр Лышәба ( 1999 ш. ҧхынҷкәынмза 17- 2002ш. лаҵарамза 25), Руслан Арӡынба ( 2002 ш. ҧхынҷкәынмза 9-2003ш. лаҵарамза 8), Кристина Озган (2005 ш. жәабранмза 25 - 2011ш. жьҭаарамза 27), Давид Ирадиан (2011 ш. жьҭаарамза 27-2014ш. жьҭаарамза 15), Николаи Ачба (2014ш. жьҭаарамза 15- 2015ш. мшаҧымза 8 ). 

2015 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аеконгомика аминистрра напхгара азиуеит Адгәыр Арӡынба.