АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Крым аделегациа иалахәыз Аҧсны ааглыхратә наплакқәа ирҭааит

16 November 2018

Абҵарамза 16 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарбеи Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа Адиректор Инар Гицбеи Ареспублика Крым ахаҭарнакцәа иддырбеит аихьӡарақәа змоу Аҧсны ааглыхратә наплакқәа.

Раҧхьа изҭааз обиектоуп «Амазара» абренд ала заалыҵ ҭзыжьуа Аҟәатәи ахш зауад. Анаплакы аусзуҩцәа асасцәа рзы ааглыхратә уадақәа рыҟны аекскурсиа мҩаҧыргеит, уи хыркәшан азауад аалыҵ агьама агәаҭарала.

Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарба Крымнтәи иааз асасцәа ирзеиҭеиҳәеит анаплакы аҭоурых, иазгәеиҭеит шықәсқәак игылаз ари аобиект, 2017 шықәсазы аусура шеиҭахацырку.

«Ҳара аҟыбаҩ бзиа змоу аспециалистцәа ҿарацәа еидаҳкылеит Аиҳабыра ирыбзоураны, азауад еиҭашьақәҳаргылеит апроекттә хашәала ахархәарала», - иҳәеит Баҭал Ҭарба.

Ареспублика Крым аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыҧуаҩ Светлана Сирота азауад аҭаареи аалыҵ агьама абареи рышьҭахь илоуз лгәаанагара атәы лҳәеит.

«Азауад аалыҵ ахаҭабзиарагьы агьамагьы рыла аицлабралшара змоу акоуп. Ари анаплакы, сара агәра ганы сыҟоуп, аҿиара ишалаго, атауар ацәаҳәеи амҽхаки рырҭбааразы алшара ыҟоуп азы. Аихьӡарақәеи аҿиареи азеиҕьасшьоит ари анаплакы», - лҳәеит Светлана Сирота.

Изҭааз аҩбатәи обиектны иҟалеит аҩқәа ҭзыжьуа ЗҲӘА «Аҧсны аҩқәеи аӡқәеи».

Аҩызауад ахаҭарнакцәа асасцәа аҩы агьама абаразы аескурсиа рзеиҿыркааит.

Ареспублика Крым Ааглыхратә политика аминистр ихаҭыҧуаҩ Иан Латышиов иазгәеиҭеит анаплакы зхаҭабзиара ҳараку аҩқәа шыҭнажьуа.

«Анаплакы иахьа ишаҧҵоугьы, аҩыҟаҵара атрадициақәа еиқәырхоуп. Ҳәарада, крымтәи аҩқәа аҧсуа ҩқәа ирыҵахаӡом, аха дара зегьы рхатә ҷыдарақәа рымоуп, акы аҵкыс даҽакы злеиҕьу ыҟоуп», - ҳәа иҧхьаӡоит Иан Латышиов.

Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарба иазгәеиҭеит аобиектқәа рҭаара мышкы аҧхьа имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәа рыцҵаразы, рхарҭәааразы ишеиҿкааз.

«Иацы имҩаҧаҳгаз аиҧылара хаҳара аманы имҩаҧысит. Иахьа иналукааша ҳнаплакқәа шәҳарбарц ҳҭаххеит. Рыцҳарас иҟалаз, аамҭа ҳазхом азы ахш зауади аҩқәа рзауади рымцара ҳарзааҭгылеит. Ҳколлегацәа ирбаз даара иргәаҧхеит», - ҳәа аихшьала ҟаиҵеит иара.

Аеспублики Крым аделегациа Аҧсныҟа иааит Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Крыми Реиҳабырабжьаратә комиссиа актәи аилатәара аҽалархәразы.

2.JPG

7.JPG

5.JPG