АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аекономика аминистрраҟны Аҟәа акруизтә ҕба «Книазь Владимир» аҭалара азҵаара иалацәажәеит

6 December 2018

Ҧхынҷкәынмаза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба «Амшынеиқәатәи аныҟәара» аилахәыреи АҲӘИА «Урысмшынбаҕәазеи» рхаҭарнакцәа идикылеит.

Аусуратә гәыҧ Аҧсныҟа иааит Аҟәатәи амшынтә баҕәаза алшарақәа еиҳа инарҵауланы аҭҵаареи Аҟәатәи амшынтә баҕәаза акруизтә ҕба «Книазь Владимир» амаршрут алаҵаразы усмҩаҧгатәқәас инагӡатәу разгәаҭарази. Уаанӡа жьҭаарамза 6 рзы аҕба «Книазь  Владимир» аҩныҵҟа Шәача Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациеи Шәача ақалақь Администрациеи «Амшынеиқәатәи аныҟәара» аилахәыреи рхаҭарнакцәеи реиҧылара мҩаҧысит.

«Амшынеиқәатәи аныҟәара» аилахәыра Адиректор Хада Виктор Глуховшьенко иазгәеиҭеит урыстәылатәи аделегациа ишалалаз аҕба «Книазь Владимир» Аҟәа абаҕәазахь аара иадҳәалоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аус зуа аспециалистцәа ргәыҧ.

«Ҳҿаҧхьа уснагӡатәны иқәгылоуп имҩаҧгатәу аусхкқәа рымҽхак хара имгакәа разгәаҭара. Уи ашьҭахь Москва адырра раҳҭоит, уа ирыӡбоит иҟаҵатәу», - иҳәеит иара.

Аделегациа аҧсшәа раҳәаны, Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит ари атема егьырҭ атемақәа инарываргыланы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахадеи шалацәажәахьоу, Рауль Ҳаџьымба Аекономика аминистрра анапы ианиҵеит ари азҵаара аус адулара.

«Азҵаара ахыркәшара аҟынӡа инагоуп. Ҳзықәныҟәо ахсаала ыҟоуп, уи ала шьаҿақәак ҟаҵоуп, афинансқәагьы рхыҵхырҭақәа ҧшаауп. Иақәнагоу адокументқәа ианрыҵаҩха анаҩс, аусурақәа зегьы рымҩаҧгаразы мызқәак аҭаххоит, убарҭ рыҩныҵҟа иҟоуп амшын аҵа арҵауларазы аусурақәагьы», - иҳәеит Аекономика аминистр.

Адгәыр Арӡынба игәааанагарала, Аҧсни Урыстәылеи мшынла реимадаразы алшарақәа ирыцҵалатәуп. Ари арегион зегьы еиҳа атуристцәа аднаҧхьало иалагоит ҳәа иҧхьаӡоит иара.

Аиҧылараҟны иара убас иҟан Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Заур Гәлиа, «Амшынеиқәатәи аныҟәара» аилахәыра Адиректор Хада Даур Арӡынба, уи ихаҭыҧуаҩцәа Адамыр Габуниеи Заур Аҩӡбеи, Аекономика аминистрра астратегиатәи адгьылҵакыратәи ҿиара аҟәша аиҳабы Ҭемраз Амқәаби.

6.JPG