АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Адгәыр Арӡынба аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит

11 January 2019

Ажьырныҳәамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба араионқәа зегьы аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу алархәны аилацәажәара мҩаҧигеит.

Аекономика аминистр иргәалаиршәеит аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу изку аиҿкаара «Анаплакра аҿиарази Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны административтә-дгьылҵакыратә акрақәа рустә гәацҧыҳәара ашьҭыхреи ирызку ауснагӡатәқәа рзы» Аминистрцәа реилазаара иаднакылаз ақәҵара инақәыршәаны ишаҧҵаз.

Уи иажәақәа рыла, ареспубликатәи аҭыҧантәи аусбарҭақәеи гәацҧыҳәарала аусеицура ахьрыбжьам иахҟьаны аусура зегьы лыҵшәадахоит.

«2017 шықәсазы, аиндикативтә план аус адулараан, ҳара араионқәа зегьи ақалақьқәеи рыҟны анализ ҟаҳҵеит. 2016 шықәсазтәи арбагақәа еиҿҳарҧшит ашәахтә еилазаарақәа рыҟнытә араионқәа иҳарҭаз ала. Ҿыц еиҭагәаҳҭеит ари аинформациа зхылҵыз 1000 инареиҳаны аҳасабеилыргаратә балансқәа, аиқәымшәарақәа даара ирацәаны иааҳарҧшит», - иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Иара иажәақәа рыла, азгәаҭақәа зегьы араионқәа рышҟа идәықәҵан иагьыриашан.

«2018 шықәсазы абас еиҧш иалкаа-алкааны агәаҭарақәа мҩаҧаҳгеит, шамахамзар, аиқәымшәарақәа ҳамбаӡеит. Ари лыҵшәа бзиоуп ҳусеицураҟны», - ҳәа иҧхьаӡоит аекономика аминистр.

Адгәыр Арӡынба игәаанагарала, иаҧҵоу аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу изку аиҿкаара аҧхьаҟа ас еиҧш иҟоуи егьырҭ аилагарақәеи рыцәцара алнаршоит.

Уи иазгәеиҭеит, Аекономика аминистрреи аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу изку аиҿкаареи русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, анаплакқәа рустә гәацҧыҳәареи анаплакҩцәа аҭагылазаашьа бзиа рзаҧҵареи рганахьала аусура наҟ-ааҟ еиқәыршәаны, зеиҧшла ишымҩаҧгатәу.

«Убас ашьцылара шьақәгылеит, араион аҟны аус зуа рхаҭабзиара зныҧшуа, анаплакқәеи аусурҭа ҭыҧқәеи рырацәахара акәымкәа, ацентр аҟнытә шаҟа ҧаратә цхыраара иаҳәо акәхеит», - иҳәеит иара.

Аекономика аминистр иҳәеит аиҿкаара ахырхарҭа хаданы ишыҟало ауааҧсыра рзы аусурҭа ҭыҧқәа раҧҵареи анаплакра арҿиареи хықәкыс измоу аҳәынҭқарратә економикатә политика анагӡара.

Адгәыр Арӡынба иҳәеит Аекономика аминистррахьи Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭеи рышҟа лассы-лассы ақалақьқәеи араионқәеи радминистрациақәа рекономикатә ҟәшақәа ирыҵанакуа азҵаарақәа рыӡбаразы азыҳәарақәа шааиуа.

«Рыцҳарас иҟалаз, раионқәак рыҟны анаплакҩы иҵакы шырзеилымкаауа, уи зегь раасҭа иахадароу уаҩны дшыҟоу. Иаҳдыруазароуп уи ишәахтәқәа рыла ишышьақәгылоу аҳәынҭқарра зегьы аҧсҭазаара», - иҳәеит иара.

Аминистр ҿырҧшыс иааигеит анаплакҩы адгьыл ҭыҧ ашәҟәы аҭагалареи аргыларазы азин аиуреи араионқәа руак аҟны ҩышықәса инарзынаҧшуа дшазыҧшыз атәы.

«Аекономикатә зҵаарақәа рзы азинмчызмоу аусура еиҿикаароуп араион анаплакҩцәа зегьы рзы дыцхырааҩны, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи дареи реимадара алзыршо иакәны дҟалартә еиҧш», - иаҵшьны иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба Ақәҵара анормақәа инарықәыршәаны азинмчызмоу абизнес азы административтә ҧынгылақәа реиҵатәра иазку ажәалагалақәа шаздырхиар акәу ргәалаиршәеит.