АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Гагра араион аҟны афатә аалыҵтә комплекс ҿыц аусура иалагеит

27.11.2018

Абҵарамза 19 рзы Гагра араион Бзыҧҭа аҳаблаҟны иаатит афункциарацәа назыгӡо афатә аалыҵтә-хәаахәҭратә комплекс ЗҲӘА «Зодиак», ибжьаратәуи абизнес дуи рзы азинҷыдатә кредиттәра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Аартра ацеремониа далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ  Заур Гәлиа. ААТЕ Арепортаж.

Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум Апленартә еилатәара

23.10.2018

Жьҭаарамза 12 рзы Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум Апленартә еилатәарала иаатит. Апленартә еилатәараҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала аилатәара иалахәыз бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Адгәыр Лышәба, иара убас иқәгылеит Аҧсны иҟоу Урыстәыла Аҷыдалкаатәи Амчнаӡазмоуи ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр  Адгәыр Арӡынба, Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы УА аминистр ихаҭыҧуаҩ Игор Кошини афорум егьырҭ алахәцәеи.

Аекономика аминистр аҧсны-урыстәылатәи аустә форум аҟны дықәгылеит

12.10.2018

Жьҭаарамза 12 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба ажәахә ҟаиҵеит Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум Апленартә еилатәараҟны.

Адгәыр Арӡынба Геннади Гагәулиа изкны

19.09.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба 2018 шықәса цәыббрамза 9 рзы Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны ҭоурыхтә визитла иҟаз  Аҧсны Аҳәынҭқарра аделегациа хынҳәны ианаауаз автомашьынатә машәыр аан иҭахаз Аҧыза-министр Геннади Гагәулиа изкны. ААТЕ асиужет.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны аицлабра

04.09.2018

Цәыббрамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны Аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа русбарҭа аспециалист хада имаҵзура ҭыҧ азы ҩ-хәҭакны аицлабра мҩаҧысит.

Аекономика аминистрраҟны афымцамч аҭагылазаашьазы аилацәажәара

28.06.2018

Лаҵарамза 28 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба афымцамч аҭагылазаашьазы инарҭбааны аилацәажәара мҩаҧигеит. ААТЕ арепортаж.

Аҧсны-урыстәылатәи аҳәааҟны ареид

22.06.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Министр экономики Адгур Ардзинба рассказал о прошедшем лаҵарамза 21 рзы имҩаҧысыз Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи Аекономика аминистрреи, Атранспорт аусбарҭеи Аҧсны-урыстәылатәи аҳәааҟны еицымҩаҧыргаз ареид далацәажәеит. ААТЕ арепортаж.

ААТЕ арепортаж Аҧснынтәи Крымҟа аинерттә материалқәа ргаразы

12.06.2018

Лаҵарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Крым Ареспубликаҟны раҧхьатәи аидара анагаразы аидара мҩанызго аҕба аидара ақәҵара ахьымҩаҧысуа Аҟәатәи амшынтә баҕәаза даҭааит. ААТЕ арепортаж.

Аекономика аминистрра «Ишиашоу аимадара» аусура иаланаргеит

04.06.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аусура иаланаргоит атәылауаа рҟынтә Аекономика аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русуразы ашшрақәеи ажәалагалақәеи рыдкыларазы ишиашоу аимадара. Аҧсуа телехәаҧшразы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Берзениа иҟнытә ахҳәаақәа.

Актәи амилаҭтә форум «Аҧсны- 2025 астратегиа»

28.05.2018

Лаҵарамза 2 рзы Аҟәа имҩаҧысуеит Актәи амилаҭтә форум «Аҧсны- 2025 астратегиа» «Аҧсны аекономика шьҭыхшьас иамои?» атемала. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба имҩаҧысраны иҟоу афорум гәыҕрақәас иадиҳәало далацәажәеит. ААТЕ арепортаж.

Аекономика аминистр апрограмма «Амчыбжь ахҭысқәа» аҟны

12.05.2018

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба Аҧсуа телехәаҧшраҟны апрограмма «Амчыбжь ахҭысқәа» азы иинтервиу.

Аҳәынҭинвестусбарҭаҟны иҭацәу амаҵзура аиуразы аицлабра

26.04.2018

Мшаҧымза 26 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны иҟоу Аҳәынҭинвестусбарҭаҿы иҭацәу амаҵзура аиуразы аицлабра аҵыхәтәантәи ахәҭа.

Аекономика аминистрреи Аҳәынҭинвестусбарҭеи рхаҭарнакцәа Аҟәеи Гагреи аинвестициатә проектқәа рынагӡара шымҩаҧысуа гәарҭеит

06.03.2018

Хәажәкырамза 6 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрреи Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭеи рхаҭарнакцәа Аҟәеи Гагреи аинвестициатә обиектқәа ирҭааит.