АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аекономика аминистр Ашəарҭадара Ахеилак аилатәара далахәын

31 January 2019

Ажьырныҳәамза 31 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҩныҵҟатəии адəныҟатəии аполитика рызҵаатəқəа ирызкыз Аҳәынҭқарратә шəарҭадара амаҵзура аилатәара мҩаҧигеит.

Ашəарҭадара Ахеилак аилатәарахь иааҧхьан Агəабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба, Аҧсны Аҳəынҭқаррра амазара напхгараҭареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантəаҩы Вахтанг Ҧиҧиа, Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар.

Ҭамаз Ҵахнакьиа Ашəарҭадара Ахеилак алахəцəа адырра риҭеит ҳтəылауааа рыҩныҵҟа зымҽхак зырҭбааз аимҳәа ҿкы чымазара иазкны, иара убас Н1№1 ачымазарахкы захьыз ашəҟəы ишҭагалоуатәы. Инаҵшьны иазгəеиҭеит, акарантинтə ҭагылазаашьа Егры аҳəааҿы авирус алаҵәара шьаҭанкыла аанкылара шалымшо, аха убас шакәугьы, уи алҵшəагьы шамоу.

Аҳəынҭқарра Ахада иазгəеиҭеит ари ауснагӡатә атəылауаа ршəарҭадара ахьчара ишазку.

Ашəарҭадара Ахеилак азыӡырҩит арацәаӡритә аӡазы агеологиаҭҵааратə усурақəеи аекологиатə шəарҭадареи рызҵаатəқəа ирызкыз Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынбеи аекологиа аинститут адиректор Роман Дбари рықəгыларақəа. Аекономика аминистр иазгəеиҭеит уаанӡатәи аиқəшаҳаҭрақəа инарықəыршəаны, агеологиатə ҭҵааратə усурақəа рымҩаҧгара аамҭа рацəа шаҭаху. Аӡа аҵхра аус алагара шзаацəоу. Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар иҳəеит аиқəшаҳаҭрақəа рҳəаа иҭагӡаны Асовет аамҭазы зусура аанкылаз аҵхырҭақәа рҭагылазаашьа аекспертиза азура шымҩаҧысуа аекологиа ашəарҭадара ахьчара хықəкыс иҟаҵаны.

Аҳəынҭқаррра амазара напхгараҭареи ахатәтәреи рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахантəаҩы Вахтанг Ҧиҧиа иазгəеиҭеит, Аҳəынҭқарра Ахада идҵала Аиҳабыра аҳауатə еимадара аиҭашьақəыргыларазы имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа ртәы. Ахада адҵа ҟаиҵеит Аҧыза-министр хантəаҩра ззиуа аусуратə гəыҧ есымчыбжьа аусуразы алҵшəазы адырра ирҭаларц.

Ашəарҭадара Ахеилак аусра хнаркəшеит адəныҟатəи аполитика азҵаатәқәа рыла, Алаҭынтə Америкеи Ааигəа Мрагыларатəи атəылақəеи рҿы аусбарҭа имҩаҧнаго аусура иазкны Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба иҟаиҵаз аҳасабырба иазыӡырҩны.