АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Адгәыр Арӡынба КЖӘРР Ахәаахәҭратә Палата Ахада дидикылеит

28 November 2018

Абҵарамза 28 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика Аминистр Адгәыр Кореиатәи Жәлар Рдемократиатә Република Ахәаахәҭратә Палата Ахада Риу Хен Чхор дидикылеит.

Аиҧылара иара убас иалахәын Аҧсны Ахәаахәҭратә Палата Ахада Тамила Мерцхәылаа, Аҧсны Аекономика аминистр Ицхырааҩ Камилла Гәадалиа, Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа адиректор Симон Агрба, КЖӘРР Ахәаахәҭратә Палата адәныҟаекономикатә усқәа рзы адепартамент анапхгаҩы Чен Ун Хе.

Аекономика аминистр асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аекспорт амҽхак аизҳара аганахьала КЖӘРР аихьӡарақәа шамоу.

«Абри инамаданы, ишәасҳәар сҭахуп Аҧсны аџьырмыкьа рацәак ишдуумгьы, Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа шаҳзаауа есышықәса. Абри инацҵаны, 2012 шықәса инаркны Урыстәылеи ҳареи ҳазада ахәаахәҭразы Аиқәшаҳаҭра ҳабжьоуп. Даҽакала иаҳҳәозар, Аҧсны иаарыху мамзаргьы аус зыдулоу аалыҵ ҳазада Урыстәыла аџьырмыкьахь инагахоит», - иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Уи игәаанагарала, Аҧсны иахьаҵанакуа аҩныҵҟатәи еиҧш, Урыстәыла аџьырмыкьагьы хықәкыс измоу азеиҧш наплакқәа раҧҵара азҵаарагьы ҳалацәажәар ҳалшоит.

«Ҳара ҳаҟны егьырҭ рыҟны аасҭа азакәанҧҵара либералтәуп абизнес ашәахтәқәҵара, атәымтәылатә усуратә мчы ааира аганахьала, адунеи аҟны зегь раасҭа афымцамч азы атариф лаҟәуп. Иҟоуп ҳазлацәажәар ауа еиуеиҧшым атемақәеи ахырхарҭақәеи», - иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

КЖӘРР Ахәаахәҭратә Палата Ахада Аминистр аиҧыларазы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, иаҵшьны иазгәеиҭеит КЖӘРР иахьа амчқәа зегьы аекономика аҿиареи ауааҧсыра рыҧсҭазаара аиҕьтәреи ишазку.

«Ҳнапхгаҩы ҳнапы ианиҵеит еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны атәыла ҿыцқәа аекономика арҿиара аганахьала аус рыцура. Ари аидеиа анагӡаразы еиҿаҳкааит Аҧсныҟа аделегациа ҳтәылақәа рыбжьара аусеицуразы алшарақәа рыҭҵааразы», - иҳәеит Риу Хен Чхор.

Уи ишьақәирҕәҕәеит Аҧсны азеиҧш наплакы аҧҵара аҩ-ганк зҿлымҳара шарҭо атәы.

«Урыстәылеи шәареи ҳазада аиқәшаҳаҭра ишәыбжьоу ҳасаб азуны, уи анагӡара ҳалшоит. Иара убас ҳара игәаҳҭеит шәара шәыҟны ақыҭанхамҩатә аалыҵ маҷымкәа ишаадрыхуа, ҳара уи КЖӘРР ахь ашьҭра ҳалшоит импорт ҳасабла», - иазгәеиҭеит Ахәаахәҭратә Палата Ахада.

Риу Хен Чхор далацәажәеит КЖӘРР аганахьала жәларбжьаратәи асанкциақәа ауадаҩрақәа шаҧырҵо.

«Ҳгәы иаанагоит маҷ-маҷ алҵшәа бзиақәа ҟалоит ҳәа абри аганахьала. Ҳара ҳтәылақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа ҳарҿиалароуп», - иҳәеит иара.

Аекономика аминистр иҳәеит КЖӘРР аилахәырақәа рзы ақыҭанхамҩатә дгьылҵакырақәа рыҭаразы алшарақәа шыҟоу, урҭ Аҧсны аалыҵ аарыхра рылшоит. Иара убас уи далацәажәеит КЖӘРР адгьылҵакыраҟнытә егьырҭ атәылақәа рышҟа, иаҳҳәап, Китаи ашҟа, аҧсуа аалыҵ адәықәҵаразы алшара.

Адгәыр Арӡынба иазгәеиҭеит Аҧсны амшынтә баҕәазақәа ринфраструктуратә лшарақәа мшынла ахәаахәҭра арҿиара шалдыршо.

«Ҳтәылақәа рыбжьара аекспорти аимпорти амҽхак шьақәыргылатәуп ҳтәылақәа рыбжьара ас еиҧш ахәаахәҭра хкы феида амазарц азы», - иҳәеит иара.

Ахәаахәҭратә Палата Ахада иазгәеиҭеит, ҳтәылақәа рыбжьара атауареикәшара аизҳара аанымгылар, Аҧснынтәи аалыҵ КЖӘРР адгьылҵакыра ала егьырҭ атәылақәа рышҟа ашьҭра актултәхоит ҳәа.

«Ҷыдала иаҳҳәозар, ҳара ҳаҟны тауарқәак рзы Китаии ҳареи ҳабжьара ҳазада ахәаахәҭра ҳабжьоуп. Убри аҟнытә ари зҿлымҳара зуҭаша усуп», - иҳәеит иара.

Адгәыр Арӡынба иҳәеит аинвесторцәа аус рыцуразы иаҧҵоу Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа Аҧсны КЖӘРР аделегациа аҟазаараан иазҧхьагәаҭахо алагамҭақәа зегьы ацхыраара шрыҭахо.