АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аҧсни, Шәачеи, Крыми акруизтә ныҟәарала еимадахар ҟалоит

6 October 2018

Жьҭаарамза 6 рзы алаинер «Аҳ Владимир» ачарҭ аҟны Шәача имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытиә аделегациеи Шәача ақалақь Администрациеи, АУ «ШӘАЧА АМШЫНБАҔӘАЗА», аилахәыра и компании «Амшынеиқәатәи акруизқәеи» рхаҭарнакцәа реиҧылара.

Аделегациа напхгара азызуаз Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарба иажәақәа рыла, аиҧылараҟны акруизтә лаинер «Аҳ Владимир» аныҟәара Аҟәатәи амшынтә баҕәаза алаҵара азҵаара иалацәажәеит.

«Алаинер аус ауеит мшаҧымза инаркны жьҭаарамзанӡа. Уажәы аныҟәара ааамҭааиаанӡа азҵаара аӡбашьа ҳазхәыцуеит аамҭа анааилак Аҟәа абаҕәаза акруиз апунктқәа ируакны аҟаҵаразы», - иҳәеит Баҭал Ҭарба.

Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ атәыла аҳаҭыр ашьҭыхра адагьы, ари атуристцәа рхыҧхьаӡара ашьҭыхра иацхраауеит.

«Азҵаара аӡбара инамаданы иҟоуп аиҿкааратә, атехникатә, азинтә ҭагылазаашьақәак, урҭ аҧсуа ган инангӡароуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы Аҧсны амшынтә ҕбаныҟәара аусура ду мҩаҧнагахьеит, зҵаарақәак ӡбоуп. Еиҳа иуадаҩу зҵаараны инхеит Аҟәатәи ашыцә аҟны арҵауларатә усурақәа рымҩаҧгара», - иазгәеиҭеит иара.

Баҭал Ҭарба далацәажәеит аҧсны имҩаҧысраны иҟоу аҧхьаҟатәи аиҧылара. Ари аиҧылараҟны имҩаҧгоу ауснагӡатәқәа заатәи реихшьала ҟаҵахоит.

«Настәи аиҧылараан иазгәаҳҭоит иаанхаз аусмҩаҧгатәқәа рынагӡаразы амҩатә хсаала, 2019 шықәса мшаҧымзазы алаинер Аҧсны адкылара ҳалшартә еиҧш», - иҳәеит иара.

Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ иазгәеиҭеит урыстәылатәи аколлегацәа рганахьала Шәачантә аҧсны-урыстәылатәи аҳәаа ахысраан алаинер апассаџьырцәа рзы Аҧсны аекскурсиатә маршрутқәа ирымоу азҿлымҳара ду атәы.

«Амшынтә еимадара атуристцәа еиҳа игәаҧхоит автобусла ахысраасҭа. Аҕба шиашоу Аҟәа абаҕәазахь иааилар, аӡиа Риҵеи, афонҿыцтәи аҳаҧи рахь анеира атуристцәа рзы еиҳа иманшәалахоит», - ҳәа иҧхьаӡоит Баҭал Ҭарба.

Аделегациа иара убас иалан Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Аекономика аминистрра Аҳәынҭқкрратә наплакқәа реиҿкаара аусбарҭа аспециалист хада Ҭемыр Мықәба, АЕ «Аҧсны амшын ҕбаныҟәара» адиректор хада ихаҭыҧуаҩ Адамыр Габуниа, АЕ «Аҧсны амшын ҕбаныҟәара» афлоти абаҕәазақәеи рхархәаразы адиректор хада ихаҭыҧуаҩ, Аҟәатәи амшынтә баҕәаза аиҳабы Заур Аҩӡба.

Алаинер «Аҭауад Владимир» - ҳазҭаглыоу аамҭазы Амшын еиқәаҟны Шәача- Новороссииск – Иалта – Севастополь – Шәача амаршрут ала иныҟәо круизтә лаинерс иҟоу иара заҵәык ауп.

2.jpg

3.jpg