АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ иҧылара

22 November 2018

Абҵарамза 22 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит Аминистр Ихаҭыҧуаҩ Ҭарба Баҭали Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ Риад Хаддади реиҧылара.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр Ихаҭыҧуаҩ асас аҧсшәа иаҳәаны, иазгәеиҭеит Аҧсни Шьамтәылеи рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа шышьақәгылахьоу атәы.

«Ҳара хықәкыс иҳамоуп ҳтәылақәа рыбжьара аекономикатә еимадарақәеи анаплакҩцәа рхаҭарнакцәа русеицуреи раҧҵара, иара убас наҟ-ааҟ тауарла ахәаахәҭреи аинвестициақәа радҧхьалареи рзы алшарақәа раҧҵара», - Ҭарба Баҭал.

Уи далацәажәеит абри аганахьала акрызҵазкуа ашьаҿа шыҟаҵоу – иаҵаҩуп ахәаахәҭреи аекономикатә усеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра.

«Ҳара анаплакҩцәа рыбжьара ишиашоу адиалог ашьақәыргылара аусеицуразы ихадароуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит, уи азы аҿырҧшы бзиақәа ыҟоуп», - иазгәеиҭеит аминистр ихаҭыҧуаҩ.

Шьамтәыла аибашьрашьҭахьтәи ареспублика аиҭашьақәыргылара ахьхацыркхо ҳасаб азуны, Ҭарба Баҭал аҧсуа наплакҩцәа абри апроцесс рҽаладырхәыр рылшоит ҳәа иҧхьаӡоит.

«Ҳара ҳаҟны ари апроцесс 25 шықәса раахыс ицоит, ус ирццакны имцозаргьы, ҳнаплакҩцәа абри аганахьала аҧышәа рымоуп. Аҧсуа бизнес ахаҭарнакцәа Шьамтәылатәи Арабтә республика аиҭашьақәыргылара ралархәра азҵаара ахәаҧшразы алшара ыҟоуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит», - абас ажәалагала ҟаиҵеит иара.

Шьамтәыла Ацҳаражәҳәаҩ дақәшаҳаҭны иазгәеиҭеит хыхь излацәажәаз атемақәа ҩ-тәылак рыбжьара аусеицура азҵаарақәа рзы актуалра рылоуп ҳәа.

«Аусура ҳалагоит арҭ аидеиақәеи ажәалагалақәеи аҧышәахь риагаразы. Иаҧҵатәуп ҳаиқәшаҳаҭрақәа рынагӡашьа иахылаҧшло аусуратә комиссиа», - иазгәеиҭеит Риад Хаддад.

Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла ҩ-тәылак русеицура иаҧырхаго зҵаараны ишыҟоу аҧара аиагара апроблема.

«Рыцҳарас иҟалаз, ЕАА зхагылоу атәылақәа ыҟоуп ҳхәаахәҭра-екномикатә усура иацклаҧшны асанкциақәа алазгало. Шәаргьы ҳаргьы аҧара аиагаразы иеиҕьу амеханизмқәа ҳаҧшаароуп», - иҳәеит иара иаҵшьны.

Риад Хаддадад игәаанагарала, ари азҵаара аӡбараҟны акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалар алшоит Шьамтәыла Абанк хадеи Аҧсны Амилаҭтә банки рхадацәа реиҧылара ҩ-тәылак рыҟнытә аекномика аминистррақәа иҟарҵо адгылареи ацхыраареи рыла.

Аекономика аминистр Ихаҭыҧуаҩ Ҭарба Баҭал иазгәеиҭеит Аҧсны аҧара аиагара азҵаара аҭҵаара ишаҿу, хара имгакәангьы ажәалагалақәагьы шазырхиахо.

«Уимоу, ари азҵаара ҳара Шьамтәылеи Аҧсни рфинанстә усеицура азҵаара аӡбара адагьы, ҳтәыла, ҳфинанстә система ацхыраарала алшара аҧшаара ҳалҳаршароуп, ҳтәыла ацхыраарала Шьамтәыла Урыстәылагьы егьырҭ атәылақәагьы злахәу аусеицураан аҧхьаӡара амҩаҧгара алыршахартә еиҧш», - иҳәеит иара.

Аминистр ихаҭыҧуаҩ игәаанагарала, Аҧсны 25 шықәса рыҩныҵҟала афинанстә системақәа русеицура аҧышәа аиуит.

6.JPG

5.JPG