АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аҳазашәара иаҵанамкуа 2019 шықәсазтәи анефтаалыҵқәа рымҽхак азы аиқәшаҳаҭра алыршоуп

17 October 2018

Жьҭаарамза 17 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Ҭарбеи Урыстәылатәи Афедерациа Афымцамч аминистр ихаҭыҧуаҩ Павел Сорокини Москва абылтәы-фымцамчтә усхк аҟны ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Аусуратә еиҧылара аихшьалақәа рыла аганқәа Аҧсныҟа иаагахо аекспорттә ҳаза иаҵанамкуа 2019 шықәсазтәи анефтаалыҵқәа рымҽхак азы еиқәшаҳаҭхеит, уи инақәыршәаны аҧкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ иажәақәа рыла, ас еиҧш аиқәшаҳаҭра есышықәса имҩаҧысуеит.

«Анефтаалыҵқәа рымҽхак азы аиқәшаҳаҭра азҧхьагәаҭоуп 2012 ш. лаҵарамза 28 аҟн. Аҧсни Урыстәылеи рыбжьара Тауарла ахәаахәҭра аҧҟаразы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷ 7», - иҳәеит БаҬал Ҭарба.

Уи иҳәеит, 2019 шықәсазы иззықәшаҳаҭхаз анефтаалыҵқәа рымҽхак 2018 шықәсазтәи аҩаӡараҟны ишыҟоу.

IMG_4197-17-10-18-10-26.JPG