АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны алицензиа змоу аус хкқәа:

1. Хәызмоу аметаллқәеи ахаҳәқәеи ирыдҳәалоу аусура

2. Аетилтә сҧирт аимпорт, аимпорт ахь идәықәҵахо арыжәтә џьбара аалыҵи ауараши еизакны аҭира

3. Аетилтә сҧирт, арыжәтә џьбара аалыҵи ауараши рҭыжьра

4. Алотереиқәа рымҩаҧгара

5. АХЬМ (Абылтәы-хьшьратә материал) аҵәахреи еизакны аҭиреи

7. Иеиқәаҵәоуи аҧштәы змоуи аихаҷа-маҷа аизгара, аҵәахра, аус адулара, аҭира, аекспортгьы убрахь иналаҵаны

8. Аҭыҭын лыхқәа, аҭыҭын ааглыхрала аус адулара, аҭыҭын лыхқәа рҭыжьра, аҭыҭын лыхқәеи иеиларшу аҭыҭыни еизакны рыҭира

9. Адәныҟахәаахәҭратә усура (Аекспорти аимпорти алицензиа рыҭара иазку Ақәҵара):

    9.1. Хымҧада алицензиа рыҭара зҭаху аекспорт ахь идәықәҵахо атауарқәа

    9.2. Хымҧада алицензиа рыҭара зҭаху аимпорт ахь идәықәҵахо атауарқәа


Алицензиа аиуразы арзаҳал

Алицензиа аиуразы арзаҳал (ҿҳәарада)
АА афинансқәа рминистрра ашәатәбҕьыц ахь (Аҳәынҭбиуџьет) —
40101810300000000082 - 15 000 мааҭ
БИК 224100000, ИНН 1120022
Ашәатәы зызкхо: аҳәынҭқарратә ҳаза;
Абиуџьеттә еихшанҵа акод - 02210601100010000110


Адәныҟахәаахәҭратә усура иазку алицензиазы аҳәынҭқарратә ҳаза (аҿҳәара иахмырҧакәа)
АА афинансқәа рминистрра ашәатәбҕьыц ахь (Аҳәынҭбиуџьет) -
40101810300000000082 - 1000 мааҭ
БИК 224100000, НИН 1120022
СКАТО 401000
Ашәатәы зызкхо: Алицензиатә еизгамҭа;
Абиуџьеттә еихшанҵа акод - 02211401010010000130