АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

2017-2019 шш. Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспорт адгылара аҭара

Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспорт аҿиареи аекспорттә-хырхарҭа змоу анаплакқәа иазку аҳәынҭқарратә политика анагӡара хықәкыс иҟаҵаны, 2025 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа инақәыршәаны Аекономика аминистрра иазнархиеит аусбарҭа иаҵанакуа абжьараҿҳәара змоу хықәкылатәи Апрограмма «2017-2019 шш. Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспорт адгылара аҭара».

2016 шықәса хәажәкырамза 2 аҟн. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусҧҟа № 49 ала ишьақәырҕәҕәоу, 2025 шықәсанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Асоциалтә-економикатә ҿиара астратегиа инақәыршәаны, Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиара ахықәкы хадақәаны иҟоуп аекономика аицлабралшара ашьҭыхреи ауааҧсыра рыҧсҭазаара ахаҭабзиара аиҕьтәреи. Аицлабралшара ашьҭыхра ахырхарҭақәа ируакуп адәныҟатәи ахәаахәҭра аҿиара, ҷыдала аекспорттә хәҭа.

Ахәаахәҭра ахьҳабжьоу атәыла – Урыстәылатәи афедерациа аганахьала аекономикатә санкциақәа рхархәареи Урыстәылатәи Афедерациахь иаауа атауарқәа рганахьала ембарго аҳасабала асанкциақәа рҭакқәа рыҟаҵара иахҟьаны ишьақәгыло адәныҟаекономиактә кониуктура иаанартуеит арегион аҟны аџьырмыкьа ду аҟны аҧсуа тауарқәа рымҩаҧгаразы алшара бзиақәа. Аџьырмыкьаҟны хархәара рыҭоуп еиҳарак Аҧсны Аҳәынҭқарразы итрадицианы иҟоу аусхкқәа (ақыҭанхамҩа, ақыҭанхамҩатә аиҭаусадуларақәа, афатә аалыҵқәа раарыхра, арыжтә аалыҵқәа, аҧсыӡ, амшынаалыҵқәа уҳәа уб.егь.) Арҭ алшарақәа акыр ирыцнаҵоит ҩ-ганктәи ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыҟны ҳазадатәи ахәаахәҭра арежим шьақәзыргыло 28.05.2012 аҟн. Ахәаахәҭра арежим азы Аиқәшаҳаҭра.

Абри инадҳәаланы аекспортмҩаҧгаҩцәа реиҿкаарақәа аҳәынҭқарраҟнытә адгылара аҭара ҷыдала актуалтә ҵакы аиуеит ҳазҭагылоу аамҭазы. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра аекспорт адгылара аҭара аҭара аҳәынҭқарратә економикатә политика ауснагӡатә хадақәа ируакны иахәаҧшуеит, иахьатәи хышықәсатәи апрограмма Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны аекспорт иааиҧмырҟьаӡакәа аҳәынҭқарратә дгылара асистема ашьақәгылараҟны актәи етапны иахәаҧшуеит.

«2017-2019 шш. Аҧсны Аҳәынҭқарра аекспорт адгылара аҭара» апрограмма аекспорт атауартә еилазаара адиверсификациа алыршара, амилаҭтә аалыҵ адәныҟатәи аџьырмыкьаҟны амҩаҧгара, аекспорттә аалыҵ амҽхак аизырҳара, инеиҧынкыланы адәныҟахәаахәҭратә баланс аҭышәныртәалара иацхраауеит.

Апрограмматә усмҩаҧгатәқәа иазхиоу аалыҵ аекспорт ахь идәықәызҵо анаплакқәа, иара убас зхатә аалыҵ аекспорт ахь анагара иақәызкуа амилаҭтә аалыҵ аарыхҩцәа рыцхраара иазкхоит.

Аалыҵ аҭыжьра, аицлабралшара ашьҭыхра рзы алшарақәа раҧҵаразы, аарыхра амдернизациазурагьы убрахь иналаҵаны, адәныҟатәи аџьармыкьахь амҩаҧгаразы еиуеиҧшым амҩақәа раҧҵаразы Апргорамма иазҧхьагәанаҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҿкаарақәа аексопртмҩаҧгаҩцәа раарыхреи раалыҵ амҩаҧгареи рыҟны ирымоу ахарџьқәа рцынхәра рыҭара иазку афинанстә дгылара аҭаразы ауснагӡатәқәа.

Арҭ ауснагӡатәқәа иазҧхьагәарҭоит аекспорт азы аалыҵ аарыхра иазкыз акредитқәа рзы апроцентқәа ршәаразы ирымоу ахарџьқәа рырхынҳәра, аалыҵқәа рсертификациатәра иадҳәалоу ахарџьқәа рыхәҭак рырхынҳәра.

Апрограмматә уснагӡатәқәа рынагӡараҟнытә асоциалтә-економикатә лҵшәа иара убас анырра бзиа анаҭоит аусурҭамазаара аҩаӡареи аекспортхырхарҭа змоу ааглыхреи ақыҭанхамҩеи рыҟны аус зуеи анаплак ҿыцқәеи рҿы ауалафахәыҳаракы змоу аусурҭа ҭыҧ ҿыцқәа раҧҵарала ауааҧсыра рхашәалахәқәа реизҳараҟны.

Аҧсны аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәеи аиҿкаарақәа-аекспортмҩаҧгаҩцәеи аекспорттә усура аҿиара азҵаара хадақәа рзы, аекспорт адгылара аҭараҿы иаку аҳәынҭқарратә политика ашьақәыргылареи анагӡареи русеицура алыршаразы Апрограмма иазгәанаҭоит иҷыдоу еиҿкаау амеханизм, Аҧсны Аҳәынҭқарра аиҿкаарақәеи-аекспортмҩаҧгаҩцәеи аиҳабыра рхаҭарнакцәеи злахәу есқьынгьы аус зуа еилацәажаәаратә усбарҭоуп (Аҧсны аекспортмҩаҧгаҩцәа рхеилак).