АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA
Берзениа Гьаргь Леонид-иҧа
Апресс-маӡаныҟәгаҩ

+7(940)996-85-59
g.berzeniya@mineconom-ra.org

Диит 1992 шықәса жәабранмза 19, Москва ақ., Урыстәылатәи Афедерациа.

Аҵара: (иреиҳаӡоу).

1. Алагарҭатә ҵара: АЗШ № 596, Москва ақ.

2. Абжьаратәи иҷыдоу аҵара: Москватәи Афинанс Зиндырратә Академиа (аколлеџь), Анапхгараҭара афакультет, азанааҭ - «Аменеџьмент», Москва ақ., 2010 ш.

3. Иреиҳаӡоу аҵара: Плеханов ихьӡ зху Урыстәылатәи Аекономикатә Университет, Анапхгараҭара афакультет, азанааҭ - «Аменеџьмент», Москва ақ., 2013 ш.

2013 шықәса ҧхынҷкәынмза инаркны 2014 шықәса ҧхынҷкәынмзанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Аҳәаахьчаратә архәҭақәа рыҟны аррмаҵзура дахысуан.

Аусура:

1. 2014 шықәса инаркны аус иуеит Агәыҳалалратә фонд «Madonna Lily» аҟны, Гагра ақ.

2. 2015 шықәса лаҵарамза инаркны иахьа уажәраанӡа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны апресс-маӡаныҟәгаҩыс аус иуеит.

3. 2016 шықәса жәабранмза инаркны 2017 шықәса хәажәкырамзанӡа АУН «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзураҟны аус иуан аналитикс.

4. 2016 шықәса ҧхынгәымза инаркны 2018 шықәса хәажәкырамзанӡа аус иуан Аҧсны Ахада Иадминистрациа АИХ рымадаразы Аусбарҭаҿы.

Дҭаацәароуп.

+7(940)996-85-59

g.berzeniya@mineconom-ra.org