АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Заур Гәлиа: аекономикаҟны амҩа иаша ушықәу узырбо ауаа рыбзазашьоуп

Заур Гәлиа: аекономикаҟны амҩа иаша ушықәу узырбо ауаа рыбзазашьоуп

Аԥсны аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Заур Гәлиа арадио Sputnik аефир аҟны аминистрра 25 шықәса ахыҵразы лкаақәак ҟаиҵеит.

«Ҩажәыхәба шықәса рыла иҟаҵоу маҷым, аха излеилаҳкаауа ала, аԥхьаҟа ишьҭоу аус иаҳа ирацәоуп. Иахьа ҳҭагылазаашьа, ҳекономика ахәшьара ду ауҭартә иҟам, избанзар аибашьра ҳаналҵгьы ҳҳәынҭқарра аблокада иҭакын, урҭқәа ҳнымԥшыр залымшеит. Аекономикаҟны амҩа иаша ушану узырбо, ишдыру еиҧш, ауаа рыбзазара ауп. Уи иахьала уаҩ деигәырӷьартә иҟаҵәҟьам макьана», — иҳәеит Гәлиа арадио Sputnik Аԥсны аефираҿ.

Аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ ицәажәараҟны иара убас иазгәеиҭеит аԥсҭазаараҟны азакәанқәа рынагӡара аекономика аҿиара ишаныԥшуа.

Sputnik Аԥсны