АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Алада иарбоу Аекономика аминистрра иаҵанакуа аиҿкаарақәа русура иазку ашшрақәеи ажәалагалақәеи змоу атәылауаа рзы ишиашоу аимадара.


Аҭел асразы аномер (9:00 инаркны 18:00-нӡа аусурамшқәа раан), WhatsApp, Telegram, Viber:

+7(940)754-33-33

E-mail:

hotline@mineconom-ra.org


Аекономика аминистрра иаҵанакуа аиҿкаарақәа:

1) Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аҧсныча»

2) Аҳәынҭқарратә еилахәыра «Аҧсныргылара»

3) Аҳәынҭқарратә Еилахәыра апаспорт «Аҧсныбылтәы»

4) Ареспубликатә иаку анаплакы «Аҧсны аиҭахархәаралшарақәа»

5) Ареспубликатә Иаку Анаплакы «Акьыҧхь ҩны»

6) Ареспубликатә Иаку Анаплакы «Аҟәатәи ахш зауад»

7) Ареспубликатә Иаку Анаплакы «Аҧсныуниверсалхәаахәҭра»

8) Ареспубликатә Иаку Анаплакы «Амшынеиқәафымцамч»

9) Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика Аминистрра Аҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҳәынҭқарратә инвестициатә усбарҭа»


Азыҳәарақәа зегьы еихшахоит, иҭҵаахоит Аекономика аминистрра иаҵанакуа аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи русура алҵшәа аиҕьтәразы.

Ашәҟәы аҟны хымҧада иарбатәуп зыӡбахә ҳәоу аусбарҭа ма аиҿкаара ахьӡ.

Азыҳәарақәа ашәҟәы иҭагалахоит иагьдәықәҵахоит Аминистрра аиҵаҟәшақәа рышҟа рҵакы зеиҧшроу инақәыршәаны.

Азыҳәара иахәаҧшхоит ашәҟәы ианҭагалаха инаркны 10 мыш рыҩныҵҟала.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрра зыӡбара алымшо азҵаарақәа зну азыҳәара уи аӡбара зылшо аусбарҭа мамзаргьы амаҵзурауаҩы ишҟа идәықәҵахоит, уи азы азыҳәара аазышьҭыз атәылауаҩ адырра иҭаны.

Амырзара алыршахоит.

*Азыҳәара иахәаҧшӡом:

- азыҳәараҟны зыӡбахә ҳәоу аусҳәарҭа ахьӡ ыҟамзар;

- атекст аҟны ацензура иаҵанамкуа мамзаргьы ицәаҧҽыгоу аҳәамҭақәа ыҟазар;

- амаҵурауаҩы иара убас иҩнаҭа иатәу ауаа ргәабзиара, рмазара рганахьала ақәмақаррақәа ыҟазар;

- азыҳәаҩ уанӡа иҟаиҵахьаз азыҳәара аҵакы инамадны ҩрала аҭак зиоухьаз азҵаара ыҟазар.