АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
МИНИСТЕРСТВО ЭКОНОМИКИ
РЕСПУБЛИКИ АБХАЗИЯ

14.12.1992. ЛАҬА. АԤСНЫ ЖӘЛАР РЗЫ ХАШҬРА ЗҚӘЫМ АМШ

14 Декабря 2020

14.12.1992. ЛАҬА. АԤСНЫ ЖӘЛАР РЗЫ ХАШҬРА ЗҚӘЫМ АМШ

Лаҭатәи ахлымӡаах ҟалеижьҭеи 28 шықәса ҵит. Уи нахыс ԥыҭраамҭак ииасит, аха ари ахҭыс ҳгәаҵаҿы иааннажьит имӷьаӡо ахәра. Ԥхынҷқәынмза 14, даҟьа еиқәаҵәаны ҳтоурых ианхалеит. Аҽны ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа гәымбылџьбарыла иҭадырхеит Тҟәарчалынтәи Гәдоуҭаҟа иԥырны ицоз, аҭынч уааҧсыра зҭатәаз аверталиот. Ажәҩан иалаблит 85-ҩык ауаа, урҭ рахьтә 38-ҩык хәыҷқәан.

Иҭахаз еснагь ргәалашәара ҳацзаауеит!