АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA
Корсантиа Гәурам Витали-иҧа
Аҳәынҭқарратә наплакқәа алицензиа рыҭареи русура аиҿкаареи рзы аусбарҭа аиҳабы

Аҭел: +7(840)226-14-34
company@mineconom-ra.org
g.korsantiya@mineconom-ra.org

Диит 1980 ш. жьҭаарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынқарра Аҟәа ақ. аҟны.

Аҵара: (иреиҳаӡоу).

1. Алагарҭатә ҵара: Е.А. Ешба ихьӡ зху ашкол № 20 (ҳазҭагылоу аамҭазы ашкол №5), Аҟәа ақ., 1998 ш.

2. Иреиҳаӡоу аҵара: Урыстәылатәи Афедерациа Аџьеи асоциалтә ҿиареи рминистрра Москватәи аҳәынҭқарратә социалтә университет (уажәы УАСУ), Аиуристтә факультет, азанааҭ - «Аиуриспруденциа», Москва ақ., 2003 ш.

3. Аҩбатәи иреиҳаӡоу аҵара: Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыраҟны иҟоу Афинанстә академиа, Аекономикатә факультет, азанааҭ, «Афинансқәеи акредит», Москва, 2009 ш..

4. Азанааҭтә квалификациа ашьҭыхра:

«Афондтә џьармыкьеи напхгараҭареи ринститут» рфонд, апрограмма «Хәызмоу ақьаадқәа рџьармыкьазы акурс хада», 2004 ш.

Аусура:

1. 2004 шықәса рашәарамза инаркны 2006 шықәса рашәарамзанӡа аус иуан ЗҲӘА «Афинанстә-Инвестициатә Еилахәыра» аиурисконсультс Москва ақ.

2. 2006 шықәса рашәарамза инаркны 2008 шықәса мшаҧымзанӡа аус иуан «Легион Груп Холдинг ГмбХ», Австриа ахаҭарнакра ашәҟәҭаҩратә ҟәша иналукааша аспециалистс.

3. 2008 ш. ҧшаҧымза инаркны 2010 ш. хәажәкырамзанӡа аус иуан «Легион Груп Холдинг ГмбХ», Австриа ахаҭарнакра ашәҟәҭаҩратә ҟәша аиҳабыс.

2010 ш. хәажәкырамза инаркны 2011шықәса цәыббрамзанӡа аус иуан ЗҲӘА “Росгосстрах” аиуристтә департамент анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩыс.

2012 ш. цәыббрамза инаркны 2015 ш. хәажәкырамзанӡа аус иуан Аҧсны Аҳәынқарра Аекономика аминистрра ахәаахәҭреи алицензиаҭареи рыҟәша аиҳабыс.

2015 ш. хәажәкырамза инаркны иахьа уажәраанӡа аус иуеит Аҧсны Аҳәынқарра Аекономика аминистрра аҳәынҭқарратә наплакқәа алицензиа рыҭареи русура аиҿкаареи рзы аусбарҭа аиҳабыс.

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара имоуп.

Аҭел: +7(840)226-14-34

company@mineconom-ra.org

g.korsantiya@mineconom-ra.org