АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Арӡынба: зны-зынла аус иаҿыҵәҟьоу ауаа ргәаанагара зҽлымҳара аҳҭӡом

Арӡынба: зны-зынла аус иаҿыҵәҟьоу ауаа ргәаанагара зҽлымҳара аҳҭӡом

Аҧсны афымцамчи еиҭамҵуа амазареи рыҟны аинвестиақәа ралагалара азҵаара ишәаны-изаны изазнеитәу, абри азҵарааҟны аҧсуа ган иахьа изызхиоу иарбану, иарбан ҳәаау изхыстәым далацәажәеит Sputnik Аҧсны аексклиузитә интервиу аҟны Аҧсны Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба IX Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аихшьалақәа рыла.

- Адгәыр Амиран-иҧа, 2017 шықәсазтәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аихшьалақәа Шәара “иконкреттәын” ҳәа шәахцәажәеит, сынтәатәи афорум ахәшьара шҧашәҭо?

— Сынтәа афорум иаартны аустә ҟазшьа аманы имҩаҧысит ҳәа исыҧхьаӡоит. Ҳара акыр шықәса раахыс еиуеиҧшым аҭыҧқәа рыҟны анс акәу арс акәу ишьҭыхыз азҵаарақәа рылацәажаәара ҳалшеит. Аӡәгьы изы имаӡаӡам, урҭ аимак, аиҿагылара зхылҵуа зҵаарақәаны ишыҟаз. Сгәы иаанагоит ҳара иаартны урҭ рылацәажәара ҳалшеит ҳәа, уи азы иҭабуп ҳәа расҳәоит урыстәылатәи ҳколлегацәа, иара убас згәаанагара зҳәаз акспертцәа, ҳаргьы урҭ азҵаарақәа ҳашрызхәыцуа атәы ҳҳәеит.

- Атәымҳәынҭқаррақәа рыҟнытә иаауа аинвестициақәа дрылацәажәо, иқәгылоз аӡәы – Урыстәыла-аҧснытәи аустә хеилак ахантәаҩы Андреи Сергеев дазааҭгыланы иҳәеит Аҧсныҟа иаауа аинвесторцәа абизнес алалареи алҵреи рзы еилыкка иҟоу ахәдықәҵарақәа, аҳәынҭқарраҟнытә адгылара шырҭаху атәы. Шәгәы ишҧаанагои, Аҧсны ас еиҧш ахәдықәҵарақәа иабанӡарызхиоу, аимак зҵоу аҭагылазаашьақәа ыҟоума ара?

— Ҩ-тәылак, ҩ-ҳәынҭқаррак аусеицура анрыбжьоу, еимаздо еиуеиҧшым аганқәа ыҟоуп. Ари абизнес аҟны, аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыҟны, аексперттә усеицураҟны. Хыхь зыӡбахә шәҳәаз ҳколлега – 2012 шықәсазы иаҧҵаз Урыстәыла-аҧснытәи аустә хеилак ахантәаҩы Андреи Сергеев ҳаҭыр шиқәысҵогьы, исымҳәар ҟалом, фышықәса рыҩныҵҟала ари ахеилак аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны инвестициатә проектк нагӡаӡам. Наплакык, усурҭа ҭыҧк аҧҵаӡам. Сара ус ауп ишыздыруа.

Убри аҟнытә, рыцҳарас иҟалаз, аус иаҿыҵәҟьоу ауаа ргәаанагара зҽлымҳара анаҳамҭо ыҟоуп. Шәахәаҧш еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа анаплакҩцәа аҳамҭақәа рыҭара ацеремониа ахьымҩаҧысыз ҳфорум апленартә еилатәара. Арҭ анаплакҩцәа рыҩныҵҟа иҟаз реиҳарак урыстәылатәи аинвестициақәа рыла аус зуа анаплакқәа роуп. Урҭ рыҩныҵҟа иҟоуп азинҷыдатә кредиттәра апрограммала аус зуагьы. Абарҭ аус ҟарҵаҵәҟьоит, аусурҭа ҭыҧқәагьы аҧырҵоит. Аҧсны аинвестициақәа рзы аҭагылазаашьа акы агымкәа иҟоуп ҳәа ҳазҳәаӡом, аха егьырҭ иҿиоу атәылақәа рыҟнеиҧш, арҭ аус руеит, рус иаҿуп.

Ҳара ҳзы ари аексперт игәаанагара аҵакы амоуп, аха ус ишырҳәо еиҧш, ибааҧсынгьы иҟаӡам. Сара апленартә еилатәараҟны сықәгылараҿы исҳәеит, аҭагылазаашьа аиҕьтәразы, аинвестициатә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла иҳаҧсахроуп. Ара апроблемақәа рацәоуп, урҭ ҳдыруеит, аха есқьынгьы ахырџьарагьы иашам. Иҟаҵәҟьоу аҿырҧштәы шәзаазгеит абыржәы. Арҭ азҵаарақәа зегьы "бекграунд" змоу ауаа рҟынтәи иҳаҳаӡом. Еиҳарак, еиуеиҧшым аекспертцәа, ауаажәларратә палатақәа, аиҿкаарақәа рыҟнытә ауп арҭ ахшыҩҵакқәа ахьҳаҳауа. Изыцҵоу ахәҧсаҵәҟьеи аусурҭа ҭыҧқәеи раҧҵара иаҿу ргәаанагара иазыӡырҩлатәуп ҳәа сгәы иаанагоит.

- Апленартә еилатәараҟны ареспублика афымцамч аҭагылазаашьеи аинвестициақәа ралагалареи рзы адискуссиа ҕәҕәаны ицон. Ара шәарҭараси феидараси иҟоуи, агәаанагарақәа абеиқәшәеи, иабеиҿагылеи?

— Аҧсны шьҭа 25 шықәса раахыс ихьыҧшым, исуверентәу ҳәынҭқарроуп. Ицәгьа-ибзиа 45шықәса инарзынаҧшуа афымцамчтә система аус ауеит. Апроблемақәа, аиҧҟьарақәа ыҟоуп, аха аус ауеит. Ари аӡәыр дааины иаҳзыҟаиҵама, ҳара ҳауп, ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи ирыбзоуроуп.

Ари аусхк аинвестициақәа шалагалатәу азы аӡәгьы даҿагылаӡам. Зегьы ари ҳақәшаҳаҭуп. Аӡәы игәы нсырхар сҭахым, аха арҭ ацәажәарақәа ҳаҳауеит аус иаҿым, конкретла акгьы змам, аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа иргәылагылоу акыр шықәса раахыс, аха урҭ рганахьала хықәкыла инвестициатә проекткгьы, узыхцәажәаша материалкгьы, маҭәаркгьы ыҟаӡам.

- Ас еиҧш апроект ҟалар, Аҧсны аганахьала адгылара ҟалома?

— Ҳәарада, ҳара зегьы уи ҳалацәажәоит. Инвестициатә проектк, ажәалагалакгьы, уи ахьынтәаауа рганахьала аҧсуа ган аҟнытә иҟоу аҭахрақәагьы, иара аинвестор иҭахрақәагьы реилкаара ыҟазар – хымҧада ҳахәаҧшуеит, ҳадгылоит. Макьана цәажәароуп исаҳауа. Иара убас аҧкра зуа азакәан атәы. Ари азакәан ауаа роуп издызкылаз, уи аҧсахрагьы рылшоит. Ари проблемаӡам, аха иаажәг аинвестициатә проект, еилыкка иҩу, изызку арбаны.

Аинвестициақәа ртәы ҳҳәозар, Шәара ижәдыруеит, зыӡбахә ҳамоу ихынҳәуа, ахашәала зцу алагаламҭақәа роуп. Аҧсны афымцамч атариф зегьы иахьреиҵоу, арҭ алагаламҭақәа аҧсаны иҟало иҟамло ауп зҵаарас иқәгылоу. Мап анакәха, ари инвестициахаӡом, меценаттрахоит. Абри ауп иаҳҳәо зызку, економистцәаҵас, финансистцәаҵас, експертцәаҵас иҧхьаӡаны аганқәа ринтересқәа разгәаҭара.

Апроблемақәа ыҟаӡамызт, афымцамчсистема аҧара маҷымкәа иазктәуп. Аха урҭ алагаламҭақәеи афымцамчсистема ахарџьқәеи еиҿҳарҧшыр, акапан иақәаҳҵар атариф шьҭыхтәуп ҳәа иқәгыло амонополистцәа цәырҵыр, ауааҧсыра уи рызшәаӡом азы аҳәынҭқарра ахы иаднаҵар акәхоит ауааҧсыра ирзымшәо ахәҭа. Аҳәынҭқаррагьы иабаанагои? Урыстәылатәи Афедерациа ҳаҳәома еиҭа? Еиҭасҳәахуеит. Апроблемақәа ыҟаӡам сҳәаӡом, макьана урҭ рыӡбара ҳалшоит. Аҳәынҭқарратә политика афымцамчсистема аганахьала еиҧҟьарада еиҿкаахар, сгәы иаанагоит жәашықәса рыҩныҵҟа иҟоу аҭагылазаашьа еицәамхарц азы аҭышәныртәалара ҳалшоит ҳәа.

50 млн инаркны 80 млн рҟынӡа аҭаххоит шықәсык, ари ҳбиуџьет азы ирацәаӡам, ари аусхк ацхыраара ҳалшоит. Ас еиҳа еиҕьуп аҧхьаҟа игыло абиҧара ҿыцқәа аҽҧныҳәа ҳарымҭарц азы. Ари амилаҭ ршәарҭадаратә политикоуп, убри аҟнытә азҵаара ахыццакра аҭахӡам.

- Афорум аҟны аргыларатә усхк азҵаара иалацәажәеит, аинвесторцәа Аҧсны иахьаҵанакуа анхарҭа хыбрақәа рыргылара радҧхьалара, аҧхьаҟа атәымтәылауаа ахатәтәра азин рыҭаны раархәаразы. Шәара усҟан ас еиҧш аинвестициақәа шәырҿагыланы шәықәгылеит аргумент ҳасабла аҭоурыхи Аҧсны атәылауаа рфинанстә ҭагылазаашьеи ааганы. Ари атема ҧеиҧш амоума?

— Араҟагьы, арҭ ахшыҩҵакқәа зҟынтә иаауада? Аинвесторра зылшаҵәҟьо рҟынтә аума? Шәааи, ҳалацәажәап иарбан инвестициатә проекту зыӡбахә ыҟоу. Дарбан инвестору ари иааннакылаз? Ари зегьы абстракциоуп.

Анхарҭақәа рџьармыкьа атәы ҳҳәозар, сара ари саҿагылаӡом, аха уи иаалырҟьаны иузыҟаҵаӡом. Афорум аҟны сара исҳәеит иҟоу аҧкра зыхҟьо. 1995 шықәсазы Владислав Арӡынба иалеигалеит ари аҧкра, сгәы иаанагом Владислав Григори-иҧа дпатриотмызт зҳәо аӡәы дҟалоит ҳәа. Уи ззыҟаиҵаз иара аҵаҵгәы аман.

Сгәаанагарала, ари уа ирыласҳәаз астатистика иадҳәалан. 1886 шықәсазы Аҧсны ашьагәыҭуааҧсыра 80% ыҟан, шәышықәса рышьҭахь – 17,8% ҟалеит. Ара ақырҭқәа, агырқәа, ашәанцәа ҳабжеиҳара ыҟан азы ари шәара шәыдгьыл акәӡам, шәықәҵ рҳәеит. "Адгьыл ду" аҟнытә дара ацхыраара рырҭон, абас аибашьра иалагеит. Ҳҳәынҭқарра ашьаҭаркҩцәа ари аӡбамҭа рыдыркылеит ҧасатәи аҧышәа ҳасаб азуны, абасала ҳтәыла рыхьчеит. 2006ш. атәылауаҩратә закәанеидкыла анрыдыркылоз, 546 ахәҭаҷ аҟны ари анорма аанхеит. Акыр аҽаҧсахма Аҧсны? Иҭҵаатәуп, иазхәыцтәуп.

Иара убас сара Аҧсны, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла атәылауаа – мшынлеи дгьыллеи ҳҳәаа иаҧну атәылақәа аахәара рылшо ирылымшо атәы салацәажәеит. Ҳара ҳаҟны аахәаратә лшареи аҧсҭазаара аҩаӡареи зегьы иреиҵоуп. Ари азҵаара ҳазымхәцкәа ҳазнеир, ҳаиҳабацәа зыцәшәаны аҧынгылақәа ззықәдыргылоз апроблемақәа ҳазцәырҵыр алшоит. Убри аҟнытә сара ари аусура шеиҿкаатәу атәы зну Аҧсны Апарламент 2016 ш. хәажәкырамза 21 азтәи Ақәҵара ҳақәныҟәалароуп ҳәа исыҧхьаӡоит.

Ҳара ҳаҟны иарбанзаалак акоммерциатә хықәкы змоу еиҭамҵуа амазара атәымтәылауаа иаархәарц азы зин ыҟоуп. Иҧкуп ахатәтәы ҩнқәа, ахатәтәы нхарҭа ҭыҧқәа. Абизнес азы, мап ҳкӡом. Азауад, анаплакы уб.егь.

- Макьана ареспублика абанкқәа Аҧсны атәылауаа анхарҭа ҭыҧ аархәаразы аипотекатә кредитқәа рыҭара рылшаӡом.

— Сынтәа раҧхьаӡакәны Аминистрцәа реилазаара ҩ-программак рыдыркылеит Аҧсны азы имаҷымкәа аҧара ахьарбоу. Раҧхьатәи аетап азы ари ҧара дууп. Иара ҳтәылауаа анхарҭа змам роуп изызку.

Иҟоуп даҽа шәарҭарак атәымтәылауаа еиҭамҵуа амазара раархәара азҵаараҟны. Аҳәынҭқарра аипотекатә кредиттра ахьалымшо иахҟьаны анхарҭақәа иаразнак рыхәқәа шьҭыҵуеит. Иалкааны раионк аҟны аҭира азин ҟаҳҵаргьы, зехьынџьара еиҧшхоит, ахәқәа шьҭыҵуеит. Ари аџьармыкьа азакәан ауп. Аҧсны атәылауаа анхарҭақәа рыхәқәа шылаҟәугьы ирзаахәаӡом, уаҵәы уи алшара зынӡагьы ирцәыӡуеит. Ҳажәлар ҳраҕоума. Ҳәарада, ари азҵаара иазхәыцлатәуп, мап сҳәаӡом, аха уи Аҧсны ишазеиҕьу ала иӡбатәуп.

- Афорум аҟны шәықәгыларҿы Аҧсны аҿиара иаҧырхагоу азҵаара хадақәа ҳамчқәа рзаҳкроуп шәҳәеит, ҷыдала, Аҧсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа ахысразы иҟоу ауадаҩрақәа. Апрблема ӡбшьас иамои, Урыстәыла аганахьалеиҧш, Аҧсны аганахьала знапы ианыда?

— Ари Аҧсныҟа иаауа атуристцәа ирҧырхагоуп. Сықәгылараҟны исҳәеит уи. Аҧсны-уырстәылатәи афорум еиҿызкаауа Аҧсны Аекономика аминистрреи Урыстәыла Аекономика аминистрреи роуп. Инанагӡоит – Урысконгресс - Урыстәыла зегьы иеиҳау аекономикатә форумқәа мҩаҧызго.

Шәазхәыц, урҭ аустә форум амҩаҧгаразы амашьына дықәырҵоит Аҧсныҟа аинвентар ацҵаны, аидара ҩаха аҳәааҟны иаанхеит документқәак рыҟны рацәак иуадаҩым еилагарақәак ыҟан азы. Абас иҟоуп ара аҭагылазаашьа.

Ари апроблема ахьыӡбахо Урыстәылатәи Афедерациаҟноуп. Ҳара ҳганахьала апроблема ыҟаӡам. Џьоукы аинвестициақәа, афымцамч ма еиҭамҵуа амазара ртәы анырҳәо, абри азҵаара изаламцәажәои.

Збашьас ирымои арҭ азҵаарақәа? Сгәы иаанагоит аҭак азы Урыстәыла Ашәарҭадаратә Маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа иадҵаалатәуп. Ауадаҩрақәа ахьыҟоу атәылауаҩратә контроль апунктқәа рыҟнами. Аекспорт атәы ҳҳәозар, уажәы ара Аҧсны иҷыдоу аҳазалхратә усбарҭазы аусура цоит, иҟалап, арҭ азҵаарақәа рыхәҭак ӡбахар.

Сара аҳәааҟны аус зуа ахара рыдысҵаӡом, автомашьынатә пункт "Адлер" иақәнагоу ауаа рхыҧхьаӡара аиҳа ҩынтә еиҳаны ииасуеит. 2016 шықәса нанҳәамзазы мышкы аҳәаа иахысит 56 нызқьҩык ауаа, агха смыхьуазар, ари аҳәаа аханатә 28 нызқьҩык ирызкын. Даҽакала иуҳәозар, аинфраструктура ҧсахтәуп мамзаргьы аужьра арежим ырмариатәуп.

Sputnik Аҧсны