АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Жанаа еиҭеиҳәеит "Ахьтәы ҭагалан" аҿы аалыҵқәа рхаҭабзиара шгәарҭо атәы

Жанаа еиҭеиҳәеит "Ахьтәы ҭагалан" аҿы аалыҵқәа рхаҭабзиара шгәарҭо атәы

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" аҿы Аҟәатәи "Ахшзауад" аалыҵ ахарҵәы ахьтәы медал иаԥсахеит, иара убасгьы анаплакы иҭнажьуа ашә араӡны амедал анашьахеит. Аԥсны аекономика аминистрраҿы аҳәынҭқарратә наплакқәа ҳәаақәҵаразы аспециалист хада Аслан Жанаа еиҭеиҳәеит ацәыргақәҵаҿы зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ шалырхуа атәы.

"Иҟоуп анаплакы еиуеиԥшым агәаҭарақәа мҩаԥызго. Урҭ хетапк рыла ишьақәыгылоуп. Раԥхьа аалыҵ алабораториа ахь ирышьҭуеит, игәарҭоит аилазаара. Анаҩс изҭоу, аҭра иахәаԥшуеит. Араҟа зегьы иацклаԥшуеит, уи злаху, иақәырҷабу, асахьа шҭыху. Нас ауп агьама ангәарҭо. Рыхетапк ала иалкаахоит зхаҭабзиара ҳараку аалыҵ", — ҳәа азгәеиҭеит Жанаа.

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" аҿы Аҟәатәи "Ахшзауад" аалыҵ ахарҵәы ахьтәы медал иаԥсахеит, иара убасгьы анаплакы иҭнажьуа ашә араӡны амедал анашьахеит.

Урыстәылатәи агроааглыхратә цәыргақәҵа "Ахьтәы ҭагалан-2018" ("Золотая осень-2018") аус ауеит Москва, жьҭаара 10 — 13 рзы. Ацәыргақәҵа еиҿнакаауеит Урыстәылатәи Афедерациа ақыҭанхамҩа аминистрра. Аԥснытәи анаплакқәа ари ауснагӡатә бжьынтәуп иалахәхоижьҭеи. Сынтәа ацәыргақәҵа иалахәуп Урыстәыла арегионқәа 60, аҳәаанырцәтәи атәылақәа 15. Ацәыргақәҵа девизны иазыҟоуп "Аҳәаақәа иԥкым алшарақәа".

Sputnik Аԥсны