АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аҧсны Урыстәылатәи афымцамч амчыбжь – 2018 шықәса иалахәуп

4 October 2018

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟнытә аделегациа жьҭаарамза 3 инаркны жьҭаарамза 6-нӡа Москва имҩаҧысуа Жәларбжьаратәи афорум «Урыстәылатәи афымцамч амчыбжь – 2018 шықәса» иалахәхоит.

Аделегациа аишәа гьежьқәа жәпаки Урыстәылатәи Афедерациа Ахада дыхьықәгылаз Апленартә еилатәара «Зҽеиҭазкуа адунеи азы иҭышәынтәалоу афымцамчи» ирылахәын.

Аделегациа иалан Аекономика аминистр ихаҭыҧуаҩ Заур Гәлиа, АУН «Амшынеиқәафымцамч» Адиректор хада Аслан Басариеи уи ихаҭыҧуаҩ Рамин Зингишвилии, Аекономика аминистрра Аҳәынҭқарратә инвестициатә программақәа русбарҭа Аиҳабы Асҭанда Камлиеи уи лхаҭыҧуаҩ Анжелика Вартикиани.

Афорум аекономика афымцамчтә ҟәша зынио ауадаҩра хадақәеи аҿиаразы иактуалтәу апроблемақәеи рылацәажәаразы ҭыҧ бзиоуп. Асаммит иалахәу амилаҭтәи адунеитәи фымцаџьармыкьа иазку актуалра змоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылараны иҟоуп.