АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА
АЕКОНОМИКА АМИНИСТРРА
MINISTRY OF ECONOMY
OF THE REPUBLIC OF ABKHAZIA

Аҧсны анаплакҩцәа рыҩныҵҟа аицлабра мҩаҧысуеит

2 October 2018

Жьҭаарамза 2 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Аекономика аминистрраҟны имҩаҧысит анаплакҩцәа русураҟны Есышықәсатәи Амилаҭтә еицлабра Аиҿкааратә еилаки ажиури злахәыз аилацәажәара.

Аицлабра еиҿыркааит Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи. Раҧхьаӡа анаплакҩцәа реицлабра мҩаҧысит 2017 шықәсазы Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаа иҭагӡаны.

Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, иҳаҩсыз ашықәс азы усҟан Аҧсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахадас иҟаз Геннади Гагәлиа иаҧшьгарала иаҧҵан анаплакҩцәа русураҟны аицлабра.

«Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаа иҭагӡаны ҳара еиуеиҧшым аноминациақәа рыла анаплакҩцәа разгәаҭара ҳалагеит. Ари ҧышәа бзиоуп, абасала аҳәынҭқарра анаплакҩцәа русура аџьшьара анаҭоит», - иҳәеит Аекономика аминистр.

Адгәыр Арӡынба аицлабра хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарра абизнес ишазыҟоу аарҧшра.

«Аицлабра уснагӡатәны аҿаҧхьа иқәгылан аҳәынҭқарра анаплакра аҿиареи адгылара аҭареи ихадараны ишахәаҧшуа аарҧшра. Абасала ҳара еиҳа аҧыжәара змоу асоциалтә-активра злоу анаплакҩцәа разгәаҭара ҳаҿуп», - иаҵшьны иҳәеит иара.

Аицлабраҟны ицәыргоуп аноминациақәа ааба:

1) «Ааглыхратә аалыҵ иреиҕьу аҭыжьҩы - аекспортиор»;

2) «Ахәаахәҭра (азеиҧштә, азаҵәҭира) усхк аҟны иреиҕьу анаплакы»;

3) «Акурорт-туристтә сектор аҟны иреиҕьу анхарҭа ҭыҧ»;

4) «Ақыҭанхамҩа аусхк аҟны иреиҕьу анаплакы»;

5) «Ашықәсазтәи аихьӡара (ашықәсазтәи анаплакратә)»;

6) «Иреиҕьу ауаажәларратә крыфарҭатә наплакы»;

7) «Иреиҕьу урыстәыла-аҧснытәи абизнес»;

8) «Абизнес ду асоциалтә ҭакҧхықәреи агәыҳалалратә усуреи»;

Аицлабраҟны аиааира згаз рыхьӡқәа рылаҳәахоит 2018 шықәса жьҭаарамза 12 рзы имҩаҧысуа Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаа иҭагӡаны.

Ажиури иалалоит Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Акурортқәеи атуризми рминистр Авҭандил Гарцкиа, Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистр Даур Курмазиа, Ақыҭанхамҩа аминистр Владимир Дауров, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Тамила Мерцхәылаа.

Аицлабра еиҿыркааит Аекономика аминистрреи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатеи. Раҧхьаӡа анаплакҩцәа реицлабра мҩаҧысит 2017 шықәсазы Ажәбатәи Аҧсны-Урыстәылатәи аустә форум аҳәаа иҭагӡаны.